Аҧсны заатәи абжьарашәышықәсақәа рхаaн

 

 

Еицырдыруа аҧсуа ҵарауаҩ, апрофессор Гьаргь Алеқсандр-иҧа  Амҷба аҧсуаҭҵааратә литература даҽа усумҭакгьы ала ирбеиеит - ҧсны заатәи абжьарашәышықәсақәа рхаaн".

 

Абар, саҧхьа иқәуп ҿыц иҭыҵыз ари ашәҟәы, даара хәарҭара злоу, аспециалистцәа-ҭоурыхҭҵааҩцәагьы, аҧсуа жәлар ркультуратә ҭынхеи изхысыз рҭоурыхтә мҩеи интересc измоу - зегьы ирҭаху. Аҵарауаҩ, иара ҟазшьас ишимаз еиҧш, ирҵауланы ихы иаирхәеит археологиатә, аетнографиатә, афольклортә материал, аҩыратә хыҵхырҭақәа ирҳәо, еизигеит афакттә материал дуӡӡа, дацклаҧшны иааирҧшит аҧсуа хылҵшьҭрақәа рҽеидкылара апроцесс, иара убас Аҧcya ҳәынҭқарра ашьақәгылара иацхраaуаз афакторқәа.

 

Ишдыру еиҧш, аҳәынҭқарра уасхырс иамоуп аекономика ақәҿиарақәеи, анхамҩа аизҳареи, уи иаланхо ажәлар рырҿиаратә усуреи. Ари аганахьала Гьаргь Александр-иҧа  иҿыцны дрыхәаҧшит аҧсуаа еицырзеиҧшу, зыхә ҳаракны иpшьо аилкаарақәа, иааирҧшит аҧсабареи ауаҩи реимадашьа, ауаажәларра рыҿиара аҭагылазаашьа ишахьыҧшу, иара убас аҧсуаа акы иаламҩашьо ркультура адунеизегьтәи ацивилизациаҿы иҟанаҵаз алагала.

 

Ҳазлацәажәо ахронологиатә период - VI-X ашә. рзы-аҧсуаа рыдгьыл аҿы ишьақәгылеит ауаҩытәыҩса иҧсҭазаара аганқәа зегьы. Уи иаҵанакуеит анхарҭа, ашәҵатәы, афатә, анапылаус, адгьыл ақәаарыхра, арахәааӡара, ақалақьргылара, амҩақәеи аимадарақәеи рыргылара, аҩныҵҟатәии адәныҟахьтәии аизыҟазаашьақәа рыpҿиара.

 

Ашәҟәаҿы ахархәара ҭбааны иаиоуит Аҧсны аҭоурых иазкуи уи иадҳәалоуи алитература.

 

Ари аусумҭа ҳҩыза, ҳколлега, ҳаҭыр зқәу аҭҵааҩы, аҵарауаа дуқәа Зураб Анчабаӡе, Гьаргь Ӡиӡариа, Шьалуа Инал-иҧа рус иацызҵоз, аҵыхәтәан иаҳзынижьыз ҳамҭоуп.

 

Гьаргь Алеқсандр-иҧа Амҷба идунеи иҧсахит, ҳара иаҳзынижьит игәалашәара лашеи ицәыӡра ахьааи.

 

Луиза Аҩӡба,

 

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет абжьарашәышықәсақәа рҭоурыхҭҵаара акафедра адоцент